Арадио

Бебиа: Адгьыл - ҳзааӡо, ҳазқәынхо, акраҳҿазҵо, даара пату ақәҵатәуп

Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ, апрофессор, Сергеи Бебиа Адгьыл амш аҽны арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥгаз акциа атәы, иара убасгьы иахьатәи аамҭаз Адгьыл ауааԥсыра рҟнытә изҭагылоу ашәарҭара атәы.
Sputnik
Адгьыл апроблема ду амоуп Аԥсынтәылагьы ҳәа агәаанагара имоуп аҵарауаҩ. Адгьыл ҳзааӡо, ҳазқәынхо, акраҳҿазҵо даара пату ақәҵатәуп ҳәа азгәеиҭеит Бебиа.
"Аԥсны ирацәахеит аӡбаарақәа. Агәамсам гылеит. Адгьыл шҳамоугьы, аалыҵ атәым ҳәынҭқаррақәа рахьынтә иаагоит. Ҳхандеир уаҩҵас, иҳахәаша ҳара иааҳрыхыртә иҟоуп. Аԥсны аекологиа убысҟак иуашәшәыроуп, анефҭ аҵхра азҵаатәы акәым, ааглыхра хьанҭақәагьы аҭыԥ рымамзароуп ара. Аԥсны - курорттә зоноуп. Уи ауп ҳекономикагьы ҭызго. Араҟа аахак ҟалар, ҳадгьыл зламаҷу ала ҳақәнахуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Бебиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.