Аԥсны

Акциа "Агәалашәара амца" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит лаҵара 9 азы

Акциа "Агәалашәара амца" аҳәаақәа ирҭагӡаны Иҿымцәаауа амца ахәҭак акәаҷабла Москвантәи Аԥсныҟа иаагахоит. Анаҩс Аԥсны араионқәа зегь рыҟны игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз аибашьцәа рбаҟақәа рыҟны уи ала амца аркхоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Акциа "Агәалашәара амца" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз аиааира амш аламҭалазы, абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Михаил Масаев.
Акциа мҩаԥысуеит лаҵара 6-9 рзы. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Иҿымцәаауа амца ахәҭак акәаҷабла Москвантәи Аԥсныҟа иаагахоит.
"Акәаҷабқәа ақалақь ахадара аусбарҭақәа ирыҭахоит. Лаҵара 9 аҽны арҭ акәаҷабқәа рҟынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аибашьцәа рбаҟақәа рымҵан иаркхоит иҿымцәаауа амцақәа", - иҳәеит иара.
Акциа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит Аԥсны, уи еиҿыркаауеит Аҟәа иҟоу Москва аҩни Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи.
Уажәы Россотрудничество аҟны аиҿкааратә зҵаарақәа ирылацәажәоит ақалақь ахадацәеи дареи. Масаев иажәақәа рыла, акциа амҩаԥгараз ажәабжь заҳаз зегьы гәахәарыла ирыдыркылеит азҿлымҳарагьы арҭеит.
Акциа "Агәалашәара амца" мҩаԥыргоит Урыстәылазегьтәи жәлар рфронт. 2021 шықәсазы акциа рхы аладырхәит 900-ҩык инареиҳаны. 11 регион рыҟны аибашьра аветеранцәа ирыҭан Иҿымцәаауа амцабзқәа зҭаз акәаҷабқәа.