Аҳәынҭдума адепутат: иқәҵыз артистцәа иалырхроуп изыдгыло Урыстәыла мамзаргьы афашистцәа

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Васили Власов ишиԥхьаӡо ала, атәыла иалҵны "аԥсшьара" ҳәа ицаз, аконцертқәеи ателешоуқәеи рымҩаԥгара азин рыҭатәым.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Урыстәыла иалҵны ицаз "аԥсшьара" ҳәа акультура аусзуҩцәа Украина имҩаԥысуа арратә аоперациа ҷыда анхыркәшахалак ашьҭахь, атәылахь ихынҳәуеит аԥареи аефирқәеи рзы ҳәа иҳәеит Аҳәынҭдума ЛДПР афракциа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Васили Власов.

Узызҵаалак – ҳара Израиль, Еиду Аемиратқәа, Франциа ԥсшьара ҳаҟоуп. Акыр иаԥсоу аҩызцәа, ҳара иҿаҳамҭыр хырҩа шәаҳамҭар, Украина ицо арратә аоперациа ҷыда қәҿиарала ианхыркәшахалак, зегьы шәеишьҭалан Урыстәылаҟа шәхынҳәуеит.

Васили Власов
Аҳәынҭдума адепутат
Власов игәаанагарала, жәлар ралхҩцәа ирџьбараны анырра ҟарҵароуп зыԥсадгьыл зыԥсахыз ауаа, убри аан Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз артистцәа ҳәа ахьӡ ныҟәызго аконцертқәеи ателешоуқәеи рхы алархәра азин рымхраз.
"Дара нашьҭтәым еиуеиԥшым аток-шоуқәеи аинтервиуқәеи рышҟа аԥара рацәазы. Дара иалархроуп : Урыстәыла иадгыло, мамзаргьы афашистцәа ирыдгыло", - иҳәеит Власов.