Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа амш ахыгараз аӡбара аԥсахит

Мшаԥы 10 азы Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысит, аҩбатәи атур мшаԥы 24 Амшаԥныҳәа иахьақәшәаз азы иахыган мшаԥы 28 ашҟа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аԥшьаша мшаԥы 28 азы Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәаҭаз аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа аҩбатәи атур аӡбара аԥсахит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.
Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа анҭыҵ инхо аӡбарҭахь аҳәара ҟарҵеит алхрақәа аԥсшьарамшахь ииаргарц.
"Дара абжьыҭара арыцхә рыԥсахит, АКХ иадырҵеит алхрақәа анымҩапгахо аҽҳәара ҿыц азгәарҭарц", - лҳәеит Алхратә комиссиа хада амаӡаныҟәгаҩ Кристина Авлохова.
Мшаԥы 14 азы Аахыҵ Уаԥстәыла Алхратә комиссиа хада ирыланаҳәеит алхрақәа аҩбатәи атур анымҩаԥысуа амш. Азакәанԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны алхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥысроуп 15 мшы рышьҭахь, аха алхрақәа аныҳәамшқәа рзы амҩаԥгара злаҟамло ала (мшаԥы 24 ақьырсиан динхаҵараҿы иазгәарҭоит Амшаԥныҳәа, - аред. Азгә.) аӡбара рыдкылан алхрақәа мҩаԥгазарц аԥшьаша мшаԥы 28 азы.
Арадио
Кәарҷиаԥҳа Аахыҵ Уаԥстәыла атәыла ахада иалхрақәа рзы: џьара еиқәԥарак, еисрак убомызт
Иара убас, Аахыҵ Уаԥстәыла Алхратә комиссиа хада аҳәынҭқарра ахада ишҟа ашәҟәы нанашьҭит мшаԥы 28 ԥсшьарамшны ирылеиҳәарц. Макьана акомиссиа уи ашәҟәы аҭак рмоуӡацт.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа актәи атур мҩаԥысит мшаԥы 11 азы. Уи алҵшәақәа рыла еиҳа абжьқәа роуит иахьатәи атәыла ахада Анатоли Бибилови апартиа "Ныхас" анапхгаҩы Алан Гаглоеви.