Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩатә ҟәша аиҳабы Иури Кәарцхьиа иажәақәа рыла атехника иақәтәоу ауаа рымаӡам, акыр шықәса зхыҵуа роуп аус зуа, аҿар атехника нап адыркылаӡом ҳәа азгәеиҭеит арадиоефир аҿы.
"Аҿар атракторқәа ирықәтәар рҭахӡам. Ак агхаргьы иҟазҵо дҳамам, иақәтәогьы ҳацәмаҷхо иалагеит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарцхьиа.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә аиндустриатә коллеџь арҵаҩы Нарсоу Габлиа игәаанагарала аҿар ибжьаратәу аспециалист изанааҭ ала иаҳа рҽадрыԥхьалон, ауалафахәы бзиа ацызҭӷьы.
"Аҿар ыҟоуп аҵара зҵо, изҭаху, уи еилызкааауа. Ауалафахәы бзиа ҟалозҭгьы, ауаагьы ҟалон", - ҳәа инаҵишьит Габлиа.
Арадиостудиа асасцәа ирҳәеит ргәаанагара, аҭагылазаашьа аԥсахразы иҟаҵатәу, аҳәынҭқарратә программа акадрқәа реиҵааӡаразы ишхымԥадатәиу.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.