Аԥсны

Аԥсны аерман жәлар рнырҵәара амш ргәаладыршәеит

Адунеи ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо аерманцәа мшаԥымза 24 аҽны иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы миллионки бжаки рҟынӡа рыжәлар аннырҵәаз ахҭыс.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik, Бадри Есиава. Аерман жәлар рнврҵәара амш ргәаладыршәеит ареспубликаҟны ҳәа Sputnik акорреспондент езеиҭеиҳәеит "Аԥсны аерман уаԥшь" алахәыла Сурен Керселиан.
"Ахәаша Аԥсны иҟоу аерман школқәа зегь рыҟны агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит. Ахәыҷқәа ацәашьқәа адаркит, ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, ирзеиҭарҳәеит усҟантәи аҭоурыхтә хҭысқәа. Иахьа гагратәи ауахәамаҿ (Аермантә уахәама Сурб Аменапркич - азгә.) имҩаԥысуеит анцәаимҵаныҳәара", - ҳәа иҳәеит иара.
Адунеи ахы-аҵыхәа инхо аерманцәа зегьы мшаԥымза 24 рзы иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы аҭыԥ зауз арыцҳара ду, шәышықәса раԥхьа миллионки бжаки рҟынӡа аерман милаҭ уахыки-ҽнаки рыла ишнырҵәаз.
Агеноцид афакт азхарҵахьеит Урыстәыла, Франциа, Швеицариа, Польша уҳәа 30 ҳәынҭқарра рҟынӡа. Аха иахьа уажәраанӡагь уи Ҭырқәтәыла иазхарымҵацт.
Аԥсны
Бжьаниа Аерманцәа рнырҵәара агәаларшәара амш азы аҳәамҭа ҟаиҵеит