АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аерман жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит Аерманцәа рнырҵәара агәаларшәара амш азы ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
"Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аерман жәлар рҭоурых адаҟьақәа рымацара акәымкәан, адунеи аҭоурыхгьы. Иҳаҩсыз ашәышықәсаз аерман жәлар рнарҵәара иадҳәалоу ахҭысқәа, згәаҵанӡа имнеиуа дыҟамзар ҟалап", - ҳәа аҳәоит аҳәынҭқарра ахада иҳәамҭаҟны.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, иагьа аамҭа царгьы, харада иршьыз ргәалашәара еснагь ишыҟазаауа.
Адунеи ахы-аҵыхәа инхо аерманцәа зегьы мшаԥымза 24 рзы иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы аҭыԥ зауз арыцҳара ду, шәышықәса раԥхьа миллионки бжаки рҟынӡа аерман милаҭ уахыки-ҽнаки рыла ишнырҵәаз.
1914 шықәсазы адунеи аҟны 4,1 миллионҩык аерманцәа нхон. Османтәи аимпериа иахьаҵанакуаз иқәынхон 2,1 миллионҩык, Урыстәыла - 1,7 миллионҩык, Персиа - 100 000-ҩык, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны- 200 000-ҩык.
1915–1923 шықәсқәа рзы Османтәи аимпериаҿы инырҵәан 1,5 миллионҩык, иблын 60 рҟынӡа қалақь, 2,5 нызқь қыҭа. Миллионҩык рҟынӡа рынхарақәа ирхыҵит.
Агеноцид афакт азхарҵахьеит Урыстәыла, Франциа, Швеицариа, Польша уҳәа 30 ҳәынҭқарра рҟынӡа. Аха иахьа уажәраанӡагь уи Ҭырқәтәыла иазхарымҵацт.