Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷыҭанаа қьырала ашьаԥа маҭәахәыла ауааԥсыра реиқәыршәара иазкны

Гәымсҭа ақыҭан инхо Нинна Ҷыҭанаа ашьаԥа амаҭәахә қьырала ауааԥсыра еиқәлыршәоит. Арадио Sputnik аефир аҿы лара еиҭалҳәеит, иахьазы уи актуалра ахьынӡамоу, насгьы апандемиа аамҭазы аҭагылазаашьа зеиԥшраз.
Sputnik
Апандемиа аныҟала иаҳа имаҷхеит ашьаԥа амаҭәахә иаҳәоз, изгозгьы еиҳарак ацәгьарахь акәын, ҳәа лҳәеит Ҷыҭанаа арадиоефир аҿы.
"Ачарақәа рахь уажә изго маҷуп, избанзар, акрыфараҭақәа рацәоуп, азалқәа рыҟноуп еиҳарак ачара ахьыруа. Аҭаца данаарго, 200 -250-ҩык рҟынӡа ианыҟоу иаҳа иадҵаалоит. Аха ацьгьара иаҳа ирацәахеит арҭ аҩышықәсак", - ҳәа азгәалҭеит Ҷыҭанаа.
Нинна иара убасгьы далацәажәеит, амаҭәахә згои лареи ирыбжьоу аилибакаара атәы.
"500-ҩык рҟынӡоуп амаҭәахә иахьсымоу. Ак ԥҽыргьы, ахә рымысхуеит, нас сара схала ихасырҭәаауеит. Ачанахқәа еилаԥсаны аӡәгьы ирҭахӡам уажәы, убри аан даргьы шкәакәазароуп, ашәҭәқәа анҵаны усҟак ирҭахым", - лҳәеит Ҷыҭанаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.