Аԥсны

Сулҭан Сосналиев игәалашәараз Нальчик имҩаԥысит зых иақәиҭу аиқәԥаразы аицлабра

Нальчик имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын аԥснытәи аспортсменцәагьы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Сулҭан Сосналиев диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкыз зых иақәиҭу аиқәԥаразы аиндаҭларатә еиԥылара мҩаԥысит Ҟабарда-Балкариа аҳҭнықалақь Нальчик мшаԥы 22 азы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
Аицлабрақәа ирылахәын акомандақәа Ҟабарда-Балкариа, ақалақь Нальчик иаҵанакуа, иара убас Аԥсны. Аспортсменцәа 14 шықәса инаркны 17 шықәсанӡа зхыҵуа еицлабуан еиуеиԥшым акапантә категориақәа рыла.
Аԥснынтәи аицлабра иалахәын Мураҭ Ԥкин, Никита Лежиа, Асҭани Максими Адлеиаа, Леонард Арсҭаа, Еснаҭ Арӡынба, Алан Герзмаа, Леон Малиа, Алан Багаҭелиа, Шамиль Ҭаниа.
Аицлабра аԥхьахәтә фонд иартәон 150 нызықь мааҭ. Ҟабарда-Балкариатәи еизгоу аиқәԥаҩцәа аԥхьахә ҭыԥ аанызкылаз 70 нызқь мааҭ ранашьан, араӡны иаԥсахеит Нальчик ақалақь иаҵанакуа ркоманда, урҭ ирыҭан 50 нызқь мааҭ. Ахԥатәи аҭыԥ аанызкылаз аԥсуа спортсменцәа – 30 нызқь мааҭ.
Аԥсны
Гагра аусура иалагеит аспорттә комплекс ҿыц
Аицлабрақәа еиҿыркааит Сулҭан Сосналиев иԥшәмаԥҳәыс Лиубов Сосналиеви, Ҟабарда-Балкариа Аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа Реидгылеи, Ҟабарда-Балкариа аспорт аминистрреи.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Фазлыбеи Аҩӡба, уи аԥснытәи аделегациа напхгара азиуан, Аолимпиатә хәмаррақәа рыҟны аџьаз иаԥсахаз Денис Царгәыш, Сулҭан Сосналиев иҩызцәа, Аԥсни Ҟабарда-Балкариа амчратәи анагӡаратәи русбарҭақәеи, аспорт еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.