Макрон Франциа ахадас деиҭалхуп

Франциа ахада иалхрақәа раан абиуллетенқәа 10% ԥхьаӡоуп, Еммануель Макрон 58,55 % абжьқәа иоуит, убас ала атәыла ахадас деиҭалхуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 25 - Sputnik. Франциа иахьатәи ахада даҽа ҿҳәарак ҳәа деиҭалхуп: абжьыҭара аҩбатәи атур аан иара 58,55% абжьқәа иоуит, иара ивагылаз, арӷьаратәи апартиа "Амилаҭтә еидгыла" аиҳабы Марин Ле Пен - 41,45%, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Франциа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.
Франциа ахада далырхуеит хәышықәса ҿҳәарас иҭаны. Рыбжьы арҭарц азин рыман 49 миллионҩык атәылауаа. Мшаԥы 10 рзы имҩаԥысыз актәи атур иалахәын 12-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьтә аҩбатәи атур ахь инеит Макрони Ле Пени.
Ԥасатәи ахада иалхрақәа раан 2017 шықәса рзы аҩбатәи атур ахь убасҵәҟьа инеит Макрони Ле Пени, усҟан иара аиааира еигеит иҵегь еиҳаз аԥыжәара иманы.