АҞӘА, мшаԥы 25 - Sputnik. Приднестровие аҳҭнықалақь Тирасполь игылоу Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аминистрра ахыбраҿы акымкәа аҭҟәацрақәа ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Молдова.
Ари збаз ауаа ишырҳәаз ала, изныкымкәа аҭҟәацбыжьқәа геит. Аминистрра аҿаԥхьа амҩа адыркит, агәылара игылаз ахыбрақәа рҿы асаркьақәа ҭҟьеит, аҭыԥ ахь инеит ацхыраара ласы амашьынақәа, амцарцәаҩцәа, аиқәырхаҩцәа.
Аминистрра иацәыхарамкәа амҩан ирбеит атанкԥжәагатә гранатаршәга иатәу атубусқәа иреиԥшу амаҭәарқәа. Иара убас снариадкгьы рыԥшааит рҳәеит.
Иҟалаз ахҭыс азы официалтә дыррақәа ҳәа акгьы ыҟам.