Аԥсны

Ашықәс иалагазар 250-ҩык инареиҳаны аԥсуа-қырҭуа ҳәааеилагаҩцәа аанкылоуп

Егры аӡиас аганахь ала аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит Аԥсны аҳәаахьчаҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. 2022 шықәса актәи аԥшьбараз Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи аԥсуа-қырҭуа ҳәааҿы 250-ҩык инареиҳаны аҳәааеилагаҩцәа ааныркылеит. Абир атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ асаит.
Иаанкылоу риеҳараҩык административтә ҭакԥхықәра иаҵаргылан, иара убасгьы иаартуп ҩ-шьауск.
Аусбарҭаҿы ирҳәеит, арҭ ахымз рыҩнуҵҟа ишаанкылаз аҽа жәа-ҽазышәарак закәаншьаҭада аҳәаа атауар ахыгараз. Иаанкылан 1 900 ҭоԥ аҭыҭынаалыҵ, 700 000 мааҭ рыхә.
Аԥсны
2021 шықәсазы хә-нызқьҩык инареиҳаны иаанкылан закәаншьаҭада Егры аҳәаа иахысуаз
Закәаншьаҭада аусура иаҵанакуа ахаҿқәа рганахь ала ареспублика азакәанԥҵара инақәыршәаны ауснагӡатәқәа рыдкылоуп.