Аԥсны

Аҟәатәи аспортсмен қәыԥшцәа Ставрополь аицлабрақәа рҿы амедалқәа ргеит

2007-2014 шықәсқәа рзы ииз рыбжьара зых иақәиҭу аиқәԥаразы иаарту аицлабра мҩаԥысуан Ставрополь мшаԥы 22-24 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Аҟәатәи аспортсмен қәыԥшцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит зых иақәиҭу аиқәԥаразы Ставрополь имҩаԥысуаз аицлабраҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
Иааидкыланы аԥсуа қәԥаҩцәа 9 медалк ргеит.
Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Алан Қапба ( зыкапан 38 кьыла иҟаз рыбжьара). Араӡны иаԥсахеит Денис Џьопуа, Алан Қапба (зыкапан 40 кьыла иҟаз рыбжьара) Анри Шьакаиа, Баграт Сақаниа. Ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Тамерлан Тушаев, Максим Бигәаа, Данаҭ Попков, Писирхан Магсудов.
Аицлабра иалахәын Аԥсны, Краснодартәи атәылаҿацә, Нхыҵ Кавказ рҟынтәи 6-15 шықәса зхыҵуаз 150-ҩык аспортсмен қәыԥшцәа.
Аԥсны
Сулҭан Сосналиев игәалашәараз Нальчик имҩаԥысит зых иақәиҭу аиқәԥаразы аицлабра