атҟәацрақәа мҩаԥган. Атәылаҿы атеррористтә шәарҭара аԥҵоуп.
"Уа мчқәак, НАТО иалоу ҳәынҭқаррақәак, ирҭахызар ҟалоит аилеиҩынтәра ҟаҵаны Прединистровие иамоу ауадаҩрақәа рыӡбарц. Иара Украина иҟоу аполитикатә мчкәагьы ирҭахуп аилеиҩынтра аҟаҵара, избанзар, уа Урыстәыла ауадаҩрақәа рызцәырҵыр, Украинатәи акризис иаҳа иалҵшәа ргәы иабоит. Урыстәыла анапхгара рыҽдырцәгьар, Приднестровие иахьа иамоу аполитикатә, аҳәынҭқаратә статус даҽакала иахәаԥшыр ҟалоит. Иҳәатәуп, арратә мчқәа рыла Приднестровие зегьы реиҳа ишеиқәшәоу егьырҭ атәылақәа раасҭа. Иара Асовет мчра аангьы уа арратә мчқәа рацәаны иҟан. Убри аҟнытә НАТО иалоу ҳәынҭқаррақәак џьара мпыҵахаларак ргәы иҭазар, Урыстәылатәи Афедерациа амч азхоит уи аҭышәынтәаларахь аиагара, иаҭахоззаргьы Приднестровие шырыхьчо агәра згоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.