Аԥсны

Аслан Бжьаниа аусуратә еилацәажәарақәа рзы Москваҟа дцеит

Аԥсны ахада 2022 шықәса хәажәкырамзазы Москва дыҟан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Аслан Бжьаниа аусуратә еилацәажәарақәа рзы Москваҟа дцеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аусутә зҵаарақәа рзы Москваҟа дцеит. Аусуратә еилацәажәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахада аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигараны дыҟоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны ахада 2022 шықәса хәажәкырамзазы Москва дыҟан. Усҟан Аслан Бжьаниеи урыстәылатәи ачынуааи реиԥылараан ирылацәажәеит ҩ-ганктәи асоциал-економикатә усеицура азҵаарақәа, афинанстә цхыраара, Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәара, аинвестициатә политика.