Еилкаахеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхра аҩбатәи атур арыцхә

Аиҭалхра мшаԥы 28 азы имҩаԥгазарц алаҳәара ҟаҵан, аха нас ареспублика Иреиҳау аӡбарҭа еиҭанакит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Алхратә комиссиа хада атәыла ахада иалхра аҩбатәи атур арыцхә шьақәнарӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ареспублика аинформациеи акьыԥхьи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Мариа Котаева лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Алхратә комиссиа хада Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур арыцхә лаҵара 8 ҳәа ишьақәнарӷәӷәеит" , - лҳәеит Котаева.

Лара илҳәеит акомиссиа абри аӡбраҿы напхгагас ишрымаз аконституциатә закәан "Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика атәылауаа ареферендум ралахәраз рзини ралхратә зини рыхәдықәҵаратә шьаҭақәа рзы". Уи инарбаны абжьыҭара амҽышоуп ианымҩаԥырго, аныҳәамш иақәшәар ҟалом.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхра актәи аетап мҩаԥысит мшаԥы 10 азы. Ареспублика азакәанԥҵара инақәыршәаны аҩбатәи атур 15 мшы рышьҭахь имҩаԥгазар ауп, аха мшаԥы 24 Мшаԥныҳәа иақәшәеит. Убри азы ииагазарц азыӡбан мшаԥы 28 ахь.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа амш ахыгараз аӡбара аԥсахит
Аиҭалхра мшаԥы 28 азы имҩаԥгазарц алаҳәара ҟаҵан, аха нас ареспублика Иреиҳау аӡбарҭа еиҭанакит, ареспублика анҭыҵ инхо атәылауаа рзыҳәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп ҩыџьа акандидатцәа – иахаьтәи ахада Анатоли Бибилов, (34,95%) аоппозициатә партиа "Ныхас" ахада (38,55%).