Аԥсны

Гагра зыҩны блыз ауааԥсыра асасааирҭа иҩнарҵеит

Гагра Демерџь-иԥа имҩаду аҟны игылыз ауадарацәа змаз аҩны блит аҩаша мшаԥы 26 азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Гагра иблыз ауадарацәа змаз аҩны аҟны инхоз ауааԥсыра хыҵакырҭада иаанхаз асасааирҭа иҩнарҵеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит уаҟа инхоз руаӡәк Злата Симонова.

Лара иазгәалҭеит, ԥшь-ҭаацәарак асасааирҭа рыҩнаҵара шеиҿыркааз ақалақь ахадара. Даҽа ԥшь-ҭаацәарак рыуацәа ирыдыркылеит.

Ақалақь ахадараҿ ишазгәарҭаз ала, зыҩны блыз ауааԥсыра мышк хынтә рыкрыфара еиҿыркааит ақалақь акрыфарҭақәа руак аҟны.
Гагра Демерџь-иԥа имҩаду аҟны игылыз ауадарацәа змаз аҩны блит аҩаша мшаԥы 26 азы. Аӷәтәы ҩны шықәсқәак раԥхьа анхарҭазы ишәарҭаны ишьақәырӷәӷәан. Амцарцәаҩцәа анааиз аҩны амца иамҽханакхьан.
Аҩны аҭагылазаашьа шбааԥсызгьы уаҟа аа-ҭаацәарак нхон, абылра иахҟьаны урҭ хыҵакырҭада иаанхеит.
Аԥсны
Гагра ауадарацәа змаз аҩны блит