Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шәачатәи аказакцәа Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда рҽаладырхәоит

Уаанӡа шәачатәи аказақцәа Донецки Лугански руааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара аизгара иалахәын.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Шәачатәи аказақцәа Донбассҟа ицоит Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда рхы аладырхәырц ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Украинаҟа хатәгәаԥхарала ицарц зҭаху, 33-ҩык рыла еиҿыркаауеит аҟәша ҷыда.
Аказақцәа арҵаратә центрқәа рҿы азыҟаҵара ҷыда иахрыжьуеит урыстәылатәи арратә хәҭақәа рҿы. Анаҩс Донбассҟа ицоит, уа еиуеиԥшым архәҭақәеи арҟәшақәеи рҿы арратә маҵзура иахыслоит.
Краснодартәи атәылаҿацә ахада иажәақәа рыла Донбасс аоперациа ҷыда иалахәуп зқьи хәышәҩык рҟынӡа аказақцәа. Аказақцәа рыр аамҭа-аамҭала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит, убри азы иазыҟаҵоуп, иҟоуп Афганисҭан, Приднестровие, Аԥсны, Иугославиа, Шьамтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рыҟны аибашьра иахысхьоу.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Икадды аҭахара иаҿуп": Ахра Аҩӡба аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина аруаа рацәаҩны ишырцәыӡуа
Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 азы. Урыстәылатәи ар Украина абџьархыхреи Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчареи рзы рнапынҵақәа нарыгӡоит ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
Урыстәылатәи ари Донбасстәи ареспубликақәа рыри реиԥш аоперациа ҷыда иалахәуп хатәгәаԥхарала уахь инеизгьы, аԥсуаа налаҵаны.