Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр: ҳгәыӷуеит Аԥсны абжьы ЕАР ираҳап ҳәа

2022 шықәса жәабранмзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР) Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш ихьӡала Аԥсны ЕАР аҿы аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аиуразы анашьҭымҭа ҟаиҵеит Ниу-Иорк, ЕАР аштаб-квартира ахь.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аканал "Соловьев.Live" аҿы ҳгәыӷуеит хара имгакәа Аԥсны абжьы ЕАР ираҳап ҳәа иҳәеит.
"Даара ҳгәыӷуеит хара имгакәа Аԥсны абжьы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҿ ираҳап ҳәа ", - иҳәеит Инал Арӡынба.
Иара иҳәеит ЕАР Аԥҟаԥҵәа алагамҭаҿ ишҳәо, амилаҭ маҷқәеи амилаҭ дуқәеи, ажәлар маҷқәеи ажәлар дуқәеи реиҟарара атәы.
"Хыԥхьаӡарала ҳмаҷуп аха ҳмилаҭуп. Иаҳҭахуп ЕАР аҿы ма ажәаҳәара азин аиура. Ҳара уи азин ҳарҭом. Ҳәарада Еиду аштатқәа, ЕАР аштаб-квартира ахьыҟоу, уахь ҳнанашьҭуам, авизаҵәҟьа ҳарҭом. Аха ЕАР адунеитә мшхәаԥштә ҭышәынзыртәало институтзар, иаарту аполитика мҩаԥнагалароуп", - иҳәеит аминистр.