Путини Ердогани Украина аҭагылазаашьа иалацәажәеит

Аиҿцәажәараан аганқәа Мариуполь ахақәиҭтәреи азауад "Азовсталь" аҿы аблокада ззыҟаҵоу абаталион аибашьцәа рлахьынҵеи ирылацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Ҭырқәтәыла ахада Реџьеԥ Таип Ердоган ҭелла даниацәажәоз Украина аҭагылазаашьа дазааҭгылеит ҳәа аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
"Инарҭбааны ирзааҭгылан Украина аҭагылазаашьа аоперациа ҷыда амҩаԥысраан, аҭынч уааԥсыра ршәарҭадараз урыстәылатәи аган аҽазышәарақәа, агуманитартә мҩасырҭақәа реиҿкаара," – ҳәа аҳәоит аофициалтә дырраҭара.
Аицәажәараан Ҭырқәтәыла ахада Мариуполь иҟоу дазҵааит, Владимир Путин иазгәеиҭеит ақалақь ахы иақәиҭтәуп, уажәы уа еибашьӡом, "Азовсталь" аҵакыраҿ иҭаку аибашьцәа рлахьынҵа киевтәи амчрақәа ирҭакԥхықәроуп ҳәа.
Владимир Путин иҳәеит забџьар шьҭазҵо зегьы аӡәгьы дшырԥырхагамхо, жәларбжьаратәи азин ишаҳәо ала ишрызныҟәо, ианаҭаху амедицинатә цхыраара шрыҭахо.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа "Азовсталь" азааигәара аибашьра ааныркылоит
Уи адагьы, атәылахьчаратә усбарҭақәа Амшынеиқәатә баӷәазақәа рҟынтә ҭырқәтәылатәи аӷбақәа шәарҭарыда агуманитартә мҩасырҭа ала рҭыҵразы русеицура иазааҭгылан.
Ҭырқәтәыла изныкымкәа Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа рҿы бжьаҟазаҩыс аҟаларазы ажәалагалақәа ҟанаҵахьеит. Аиҿцәажәарақәа руак хәажәкыра 29 азы Сҭампыл имҩаԥыган. Уаҟа иалаҟәажәан Путини Зеленскии реиԥылара.