Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гогәуаԥҳа Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа аковид чмазаҩцәа шаднакылоз

Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы аковид ҟәша адыркит. Апандемиа аамҭазы имҩаԥгаз аусура атәы еиҭалҳәеит Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа амедиаҳәшьа еиҳабы Емма Гогәуаԥҳа.
Sputnik
Мшаԥы 22 азы аҵыхәтәантәи ачымазаҩ дылырҩааит ахәшәтәырҭаҟны. Аӡәы ашоура иманы днеир, амедицинатә усзуҩцәа ирымоуп лассы иҟауҵо атестқәа. Акороновирустә чымазаразы Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҟны аҳақьымцәа ирыдҵаалеит 2 416 ҩык, урҭ рахьынтә 921-ҩык ахәшәтәырҭаҟны ишьҭан лҳәеит Гогәуаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.