Аԥсны

Урыстәылатәи артиллеристцәа Аԥсны имаҷу ацәҟьарақәа ирықәкны ахысрақәа мҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын зхала иныҟәо 152-миллиметра иҟоу агаубицақәа "Акациа".
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база артиллеристцәа Аԥсны имаҷу ацәҟьарақәа ирықәкны ахысрақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Ахысрақәа мҩаԥысуан Ҵабал ахысырҭа дәаҿы, аррамаҵзурауаа 1,5*1,5 метра иҟаз, аӷа ашьхараҿы иҽыҵәахырҭақәеи ипозициақәеи реиԥш зеиԥшыз ацәҟьарақәа ириехсуан.
Ацәҟьарақәа рҟынӡа 2 000 метра бжьан.
Абџьар механикатә ҟазшьала ацәҟьарақәа ирықәыркуан, аруаа атехника абаллистикатә ҟазшьеи аҳауатә ҭагылазаашьеи азгәаҭаны рхысра рхала арҽеилагалара азыруан.
Аԥсны
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа "аӷа" иракетатә жәылара аԥдырҟәҟәааит
Иара убасгьы арра-медицинатә, атехникатә, атактика-ҷыдатә, ахымцатә ҽазыҟаҵареи арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчареи рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.