Аԥсны

Жәлар рмузыка еихазҳауа: Хәынҵариа ихьӡ зху аоркестр аконцерт шымҩаԥысыз

Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы мшаԥы 26 рзы имҩаԥысит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр еиҿнакааз аконцерт.
Sputnik
1 / 11

Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа игәалашәареи Аԥсуа ҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр хәышықәса ахыҵреи иазкыз аконцерт.

2 / 11

Азал иҩныҩуан абыкь абжьы хаа, уи иашьҭанеиуан аԥсуа жәлар ржәытә музыкатә инструментқәа рыбжьы.

3 / 11

Аоркестр азы ари раԥхьаӡатәи концертуп аԥкрақәа рышьҭахь.

4 / 11

Апрограмма шьақәгылан Оҭар Хәынҵариа иаԥиҵаз акомпозициақәа рыла.

5 / 11

Аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа роркестр инарыгӡоз амелодиақәа угәаҵанӡа инеиуан.

6 / 11

Аконцерт алахәылацәа атакт иҭаршәны адаулгьы ацдырҳәон.

7 / 11

Аоркестр адагьы иара иалахәын аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа.

8 / 11

Аконцерт еиҿкаан аоркестр анапхгаҩы Денис Арухаа инапхгарала.

9 / 11

Арухаа ишазгәеиҭаз ала, Оҭар Хәынҵариа аҿар еизганы, абри ыӡуеит иашәырҳәа ҳәа иреиҳәон, иара иоуп урҭ мыӡуа иҟазҵазгьы.

10 / 11

Аконцерт иалахәын авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында".

11 / 11

Аклассикатә инструмент "флеита" алырҳәоит авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" ахкынагӡаҩ Дыжын Чуреи.

Аконцерт азкын Аԥсуа ҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр хәышықәса ахыҵреи, иара убасгьы уи зыхьӡ аху акомпозитор, Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа игәалашәареи.
Уи шымҩаԥысыз еиҳа инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра>>