Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иҭамбаӡо аԥсуа ашәа: Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Иҭамбаӡо аԥсуа ашәа: Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Иҭамбаӡо аԥсуа ашәа: Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Анапаҵаҩра
Аконцерт азкын Аԥсуа ҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр хәышықәса ахыҵреи, иара убасгьы уи зыхьӡ аху акомпозитор, Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа игәалашәареи.
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы мшаԥы 26 рзы имҩаԥысит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр еиҿнакааз аконцерт.
Уи азкын акомпозитор, Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа игәалашәареи Аԥсуа ҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр хәышықәса ахыҵреи. Апрограмма шьақәгылан Оҭар Хәынҵариа иаԥиҵаз акомпозициақәа рыла.
Аконцерт хацыркын жәлар ринструментқәа роркестр ақәгыларала. Азал иҩныҩуан абыкь бжьы хаа, уи иашьҭанеиуан аԥсуа жәлар ржәытә музыкатә инструментқәа рыбжьы.
© Sputnik / Томас Тхайцук Иҭамбаӡо аԥсуа ашәа: Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Концерт к юбилею Отара Хунцария - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Иҭамбаӡо аԥсуа ашәа: Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Аконцерт амҩаԥгаҩ, Оҭар Хәынҵариа иааӡамҭацәа ируаӡәку Радица Ҵәыџьԥҳа лықәгылараҟны иазгәалҭеит акомпозитор, Жәлар рартист акырынтә рыҩныҟа дшымҩахыҵхьаз, уи ишибзоуроу аԥсуа музыкатә инструментқәа рахь ироуз агәыбылра.
"Оҭар Хәынҵариа ҩнуҵҟала ицраз амца аԥхарра ҳаргьы иаҳныруан. Аԥсуа маҭәа агьама ҳиркит, асценахь ацәырҵра ҳацәыԥхамшьо ҳҟаиҵеит. Ҳаҩныҟа акырынтә днеихьан, пату еиқәаҳҵон. Иара иҳалеиҵаз рацәаӡоуп, уи ахә ҳшьоит, уи игәалашәара есымша иҳацзаауеит", - лҳәеит лара.
Аконцерт иалахәын ашәаҳәаҩцәа: Саида Габниаԥҳа, Авҭандил Канџьариа, Денис Ҳагба, аишьцәа Аргәынаа, иара убас Оҭар Хәынҵариа акырӡа аџьабаа здибалоз ансамбль "Гәында".
© Sputnik / Томас Тхайцук Иҭамбаӡо аԥсуа ашәа: Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Концерт к юбилею Отара Хунцария - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Иҭамбаӡо аԥсуа ашәа: Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа иазгәалҭеит Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа илагала ду аԥсуа доуҳатә культураҟны, инаҵшьны илҳәеит иара ибзоурала иахьа уажәраанӡа еиқәханы ишыҟоу аԥсуа жәлар ржәытә ашәақәеи рмузыкатә рҳәагатә инструментқәеи.
"Оҭар Хәынҵариа иашәақәа зегьы ажәлар ирылаҵәаны иҟоуп, избанзар иара еснагь дашьҭан жәлар рашәақәа реиқәырхара, рӡыргара, рмырӡра. Уи ишьҭа анымҵӡо иаанижьит жәлар рмузыкаҿы", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Ахыбра ахәаԥшцәа рыла иҭәын, иубарҭан шаҟа гәахәарыла ирыдыркылоз, рнапеинҟьабжьқәа еихсыӷьуамызт, ирдыруаз ашәақәа рыцырҳәон. Сааҭк иназынаԥшуа ицоз аконцерт даара алахҿыхра ацын, еиуеиԥшым ажәытә амузыкатә рҳәагақәа рыбжьеилалара даҽа аамҭак ахь удырхынҳәуан, угәалаҟазаара шьҭнахуан.
© Sputnik / Томас Тхайцук Иҭамбаӡо аԥсуа ашәа: Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Концерт к юбилею Отара Хунцария - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Иҭамбаӡо аԥсуа ашәа: Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡараҟны иҟан Томск ақалақь аҟынтәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааз аҭаацәа. Урҭ ражәақәа рыла, ас еиԥш аконцерт раԥхьаӡакәны иаҭааит, иагьаршанхеит.
"Адаул абжьы, уи иацназгоз еиуеиԥшым амузыкатә рҳәагақәа рыбжьы хаа исызцәырыргаз ацәанырра ажәала исызҳәом. Аԥсуа культура иацу абеиара иахьа иснырит, бзиа избеит", - ҳәа лҳәеит лцәаныррақәа ҳацеиҩшо ахәаԥшҩы.
© Sputnik / Томас Тхайцук Иҭамбаӡо аԥсуа ашәа: Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Концерт к юбилею Отара Хунцария - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Иҭамбаӡо аԥсуа ашәа: Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа
Оҭар Хәынҵариа еснагь ажәлар рашәақәеи аркәашагатә мелодиақәеи дрызхьаԥшуан, аус рыдиулон, ирҿыцуан. Дара ԥхасҭамтәкәа, ршьагәыҭ ааныжьны, ирбеианы азыӡырҩцәа ирыдигалон. Хәынҵариа ирҿиамҭақәа зегьы ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа еснагь ирзааигәан.
Аоркестр анапхгаҩы Денис Арухаа, аҟаза ихаҭара дазааҭгыло, арадио Sputnik аҟны иҳәахьан:
"Сымҩа иара (Оҭар Хәынҵариа - аред.) ибзоуроуп. Абас идуу ауаҩы уанихәаԥшуа, удунеихәаԥшышьа аҽеиҭанакуеит. Аҿар ҳаизганы, абри ыӡуеит иашәырҳәа ҳәа иара иоуп иҳазҳәоз, иара иоуп урҭ мыӡуа иҟазҵазгьы. Аҿар рнапаҟны иркит жәлар рарҳәагақәа", - ҳәа азгәеиҭеит Арухаа.
Аҟазара игәаларшәаразы: Денис Арухаа еиҭеиҳәеит жәлар ринструментқәа роркестр аконцерт шеиҿкаау - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2022
Аҟаза игәаларшәаразы: Арухаа еиҭеиҳәеит жәлар ринструментқәа роркестр аконцерт шеиҿкаау
Оҭар Хәынҵариа аԥсуаа рҵас, рқьабз ирҿиаратә ԥсҭазаараҿы ихадароу аҭыԥ ааныркылон. Акомпозитор иаԥиҵахьоу ашәақәа 150 инареиҳаны Аԥсны иеицырдыруа ирылаҵәахьеит. Иаҳҳәап, аибашьра аан ииз "Аҳаҳаи Амарџьа", аҿар ргимн "Иҭбаауп адунеи", "Аҷандара", "Ашәҭқәа ирылоу аҭыԥҳа" уҳәа аԥсуа поетцәа ражәақәа ирылхны иаԥиҵаз амузыка зегьы ажәлар ирыдыркылон, иаразнак бзиа еицырбо иҟалон.
Ажәабжьқәа зегьы
0