АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥсуа радио 90 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аԥсны ацәыргақәҵатә зал хадаҟны мшаԥымза 21 рзы. Уи еиднакылеит 50 рҟынӡа аҭоурыхтә фотосахьақәеи, адокументқәеи, иҷыдоу аекспонатқәеи.
Ацәыргақәҵа аартуа, Аԥсуа радио аиҳабы, ажурналист Адгәыр Гәынба иҳәеит еиҿкаау ацәыргақәҵа даараӡа акыр шаҵанакуа акыршықәса арадио амаҵ азызуаз аусзуҩцәа зегьы рзеиԥш, уи иазҿлымҳау Аԥсны жәлар зегьы рзыҳәаны.
Аԥсуа радио аиҳабы, ажурналист Адгәыр Гәынба
© Sputnik / Леон Адлейба
Ицәыргаз аекспозициақәа рыгәҭаны иҟан Аԥсуа радио аибашьраанӡатәи аусзуҩцәа рфотосахьақәа, анаҩс аибашьрашьҭахьтәи русура зныԥшуаз аҭыхымҭақәа, аҭоурыхтә документқәа, уаанӡа аӡәгьы илаԥш иҵамшәацыз аекспонатқәа, ажәытә кассетақәа уҳәа.
Аԥсуа телерадиоеилахәыра аиҳабы Ирина Агрԥҳа иазгәалҭеит еиҿкаау ацәыргақәҵа аҭоурых шьаҭа ӷәӷәа шаныԥшуа, илҳәеит ауадаҩрақәа ирнысны иаагоу Аԥсуа радио абжьы хаа ала еснагь азыӡырҩцәа ргәы шеизҳауаз атәы.
Выставка к 90-летию Абхазского радио
© Sputnik / Леон Адлейба
"Аԥсуа жәлар иуадаҩӡаз аамҭазы ҳҿахәы аҳәара ҭакԥхықәраны издыз, адунеи ахы-аҵыхәа аԥсуа ибжьы раҳартә еиԥш иҟазҵоз Аԥсуа радио аиубилеи азгәаҭара ныҳәа дуӡӡак иаҳзаҩызоуп. Иқәыҩлааит наунагӡа аԥсуа иԥсадгьыл аҟны Аԥсуа радио абжьы, еснагь ажәабжь бзиақәа рыла азыӡырҩцәа еиднакылалааит", - лҳәеит Ирина Агрԥҳа.
Аԥсуа радио раԥхьатәи адырраҭарақәа рҭоурых атәы дазааҭгыло, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иҳәеит Аԥсуа радио ишабзоуроу аҳәаанырцә тәылақәа рыҟны Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳӡыргара.
Выставка к 90-летию Абхазского радио
© Sputnik / Леон Адлейба
"Аԥсуа радио раԥхьатәи адырраҭарақәа иреиуаз "Аԥсадгьыл абжьы" ала адунеи зегьы ҳабжьы раҳаит. Ицәажәон аԥсышәала, арадио аусзуҩцәа ирылшоз зегьы ҟарҵон Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраны, зҿахәы зҳәартә еиԥш азин змоу акакәны ишыҟоу ашьақәырӷәӷәаразы", - иҳәеит иара.
Аԥсуа радио амузыкатә редакциа инеиԥынкыланы 50 шықәса аус азызуаз Елеонора Барцыцԥҳа лықәгылараҟны илҳәеит хаҭала лара лзы Аԥсуа радио аҟны иахьа уажәраанӡа аусура есымшааиратәи ныҳәак ишылзаҩызоу, инаҵшьны иазгәалҭеит аҳәатәеиқәшәара змоу аколлектив аҟны аҟазаара еиҳау усуратә гәацԥыҳәараны ишыҟоу атәы.
Выставка к 90-летию Абхазского радио
© Sputnik / Леон Адлейба
Ажурналист, Аԥсуа телехәаԥшра уаанӡатәи аиҳабы, ААУ ажурналистика акафедра аиҳабы Гурам Амқәаб Аԥсуа радио аиубилеи еизаз зегьы ирыдныҳәало, иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы аиҳабацәа рџьабаа еихазҳаша, иацызҵаша аҿар шыҟоу атәы.
"Ишәыдысныҳәалоит иааираны иҟоу Аԥсуа радио аиубиеи амш ныҳәа. Иахьа сара мҩашьарада исҳәарц сылшоит шәара шәџьабаа еихазҳаша, изырҿиаша аҿар шҳамоу. Арҿиаратә гәалаҟазаара еснагь ишәыцыз шәнапы злаку аус аҟны", - иҳәеит иара.
Ацәыргақәҵа иаҭааз ахәаԥшцәа гәахәарыла ирыдыркылеит ирбаз иуникалтәу афотосахьақәа, аекспонатқәа.
"Саршанхеит иахьатәи ацәыргақәҵа. Ас еиԥш иҟоу аҭоурыхтә материалқәа анубо, еилукаауеит аԥсуа жәлар ишрымоу хәы змаӡам рҿахәы зҳәо амал. Хҭыс дууп иахьатәи амш, уи еихаҳатәуп, иацҵатәуп", - лҳәеит Аԥсны аҭҵаарадырақәа ракадемиа аусзуҩ Саида Ҳаџьымԥҳа.
Аԥсуа радио 90 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аартызаауеит хымш. Агәахәара змоу аҭаарц рылшоит мшаԥымза 30-нӡа.