Аԥсны

Ареспубликатә арранаԥхьаратә комиссиа аԥҵоуп Аԥсны

Аԥсны аиҳабыра реилатәара аатит Аҟәа. Амшхәаԥштә 15 зҵаара рыла ишьақәгылоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аиҳабыра аилатәараҿ ақәҵара рыдыркылеит Ареспубликатә арранаԥхьаратә комиссиа аԥҵазарц.
Акомиссиа ахықәкы хада – еиҿкаарыла Аԥсны Арбџьармчқәа рахь аҿар рнаԥхьароуп.
Акомиссиа аилахәыра иалахәуп: Атәылахьчара, Аҩнуҵҟатәи аусқәа, Агәабзиарахьчара, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистррақәа рхаҭарнакцәа.
Акомиссиа актәи аилатәара мҩаԥгахоит лаҵара 3 рзы.
Аԥсны
Бжьаниа аррахь анаԥхьара иазԥҵәоу аамҭа аҽҭагӡара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит