Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Надараиа Ахԥатәи Адунеизегьтәи аибашьразы ашәарҭара атәы

Адунеизегьтәи аибашьразы иҟоу ашәарҭара далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны аполитик, ауаажәларратә усзуҩы Ҭемыр Надараиа.
Sputnik
Ахԥатәи Адунеизегьтәи аибашьразы ашәарҭара ыҟоуп, адунеи аҿы ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа уадаҩуп. Убри инаваҟәыло аӡбахә рҳәоит аиадертә еибашьра. Ауаатәыҩса зегьы рцәа иҭазырӡыӡо абџьарахархәараз ашәарҭара шыҟоу азгәеиҭеит иқәгылараҿы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавровгьы, убри аан иара дазааҭгылеит Москва аофициалтә позициа. Урыстәыла аиадертә бџьар ахархәара ҟалашьа амам ҳәа агәаанагара аанарԥшуеит.
Адунеи аҟны иахьа имҩаԥысуа ахҭысқәа рхы абадырхо, ԥеиԥшс ирымоузеи аполитикатә ӡбамҭа дуқәа? Ирыԥсҭазаашьахои Аԥснеиԥш иҟоу атәыламаҷқәа аполитика ду аан? Абарҭқәа ртәы дазааҭгылеит аполитик, ауаажәларратә усзуҩы Ҭемыр Надараиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил шәазыӡырҩыр.