Аԥсны

Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҿи Урыстәыла Аиҳабыра рҿи аиҿцәажәарақәа мҩаԥигеит

Аслан Бжьаниа Москваҟа аиԥыларақәа рымҩаԥгаразы дцеит мшаԥы 26 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik. Аслан Бжьаниа мшаԥы 26-29 рзы Москва иҟазаараан аиҿцәажәарақәа жәпакы мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Москва Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Антон Ваинои еиԥылеит.
Иара убасгьы Аԥсны ахадеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки аиԥылараан ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәон.
Аԥсны ахада диԥылеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рашид Нургалиев.
Бжьаниа иусутә визит хыркәшахеит мшаԥы 29 азы.