Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы аԥыррақәа рыԥкра иацырҵеит лаҵара 7 рҟынӡа

Жәабран 24 раахыс аҳаирпланқәа рыԥыррақәа ԥкуп, Урыстәыла Украина арратә аоперациа ҷыда ианалага инаркны. Уи аахыс изныкымкәан аԥкрақәа ирыцырцахьеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Урыстәыла аладатәии агәҭантәии ахәҭақәа рҳаиртә баӷәазақәа рҟны иалагалоу аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп лаҵарамза 7 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит Росавиациа.

"Урыстәылатәи аҳаирбаӷәазақәа 11 рҟны ҩаԥхьа рыҿҳәара иацырҵеит лаҵара 7 асааҭ 3:45 аҟынӡа москватәи аамҭала. Зыԥырра ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵаркуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭа иазгәанаҭоит апассаџьырцәа рымҩаԥгаразы аԥырратә еилахәырақәа ишрабжьгоу даҽа хырхарҭамҩак Шәача, Волгоград, Аминералтә ӡқәа, Ставрополь, Москва рхы иадырхәаларц.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа рҟны абжьааԥны аус шыруц ирулоит.
Росавиациа аԥкрақәа аланагалеит жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь.