"Аерофлот" лаҵара фба инаркны Ҭырқәтәылаҟа аԥыррақәа еиҭарылагоит

Ареисқәа жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Шереметьево" аҟынтәи иҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Иреиҳаӡоу урыстәылатәи авиаеилахәыра "Аерофлот" лаҵара 6 инаркы аҭырқәа қалақьқәа Анталиеи Сҭампыли рахь аԥыррақәа еиҭарылагоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аилахәыра апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.
"Аерофлот" лаҵара 6 инаркы аҭырқәа қалақьқәа Анталиеи Сҭампыли рахь аԥыррақәа еиҭарылагоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭара.
Арҭ ақалақьқәа рахь аԥыррақза ҽнак ҩынтә имҩаԥыслоит зфиузелиаж ҭбаау алаинерқәа Airbus A330 Москвантәи (аҳаирбаӷәаза "Шереметьево"). Ареисқәа рахь абилеҭқәа рыҭира иалагахьеит.
Лаҵара 13 инаркны Москвантәи Мальдивқәа рахь ишиашоу ицо ареисқәагьы ирылагоит.