Аԥсны

АКХ ашәҟәы иҭарҩит Алашарбагатәи алхратә ҭыԥ аҟынтә ԥшьҩык акандидатцәа

Аҟәа 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит аҩбатәи атур аҿы акандидатцәа абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатраз 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ (Алашарбагатәи) аҟынтә ԥшьҩык акандидатцәа ашәҟәы иҭаҩуп ҳәа аанацҳауеит АКХ.
Алхратә комиссиахь инагаз ашәҟәқәа ргәаҭара ашьҭахь, мшаԥымза 29 рзы Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатраз акандидатцәа ашәҟәы иҭагалоуп:
Леон Гәбаз - Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩ,
Ҭемыр Кәакәасқьыр - Аҟәа ахадара акультура ҟәша аиҳабы лхаҭыԥуаҩ,
Наур Нарманиа - Аҟәа ахадара аҵараҟәша аспециалист хада,
Иракли Чачхалиа - "Аԥсныресурсқәа" амашьынарныҟәцаҩ.
Алашарбагатәи аабатәи алхратә ҭыԥ хадаҟнытәи адепутатрахь рықәыргыларазы аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи рышәҟәҭагалара хыркәшан мшаԥымза 28 рзы.
Аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит лаҵара 28 рзы.