Арадио

Аргәын "Кьараз" ақыҭанхамҩатә проект азы: ажәла роур анхацәа, уи цхыраара дууп дара рзы

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" ақыҭанхамҩа аҿиаразы сынтәатәи апрограмма инақәыршәаны еиуеиԥшым ажәлақәа рыла анхацәа еиқәнаршәеит. Акциа иалахәхази ирзыршаз ажәлақәа рыхкқәа шаҟа ыҟоуи арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын.
Sputnik
"Ҳҽаназаҟаҳҵоз, асиақәа анеиқәҳаршәоз, 400 рҟынӡа ҭаацәара еиқәҳаршәарц иааҳхәеит. Ҭаацәацыԥхьаӡа рхазы иаадрыхуазар, ахккәа 9 рыҭахон. Адунеижәларбжьаратәи ахәыҷтәы фонд ацхыраара анҳарҭа, ҭаацәарак 100-100 жәла рзаҳшеит. Инарҭбааны ауҭраҭых ҟазҵо рыдгьылқәа шеиҿкаау иҭаҳҵаауан. Хкык аҿы 1000 жәла зоуз дыҟоуп. Акарпыжә жәла зҭахыз рацәан, 60 000 цыра ҳшеит иара мацара. Асиа иҭагалам, аха иҳадҵаалозгьы ацхыраара раҳҭоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.
Гәахәарыла ирыдыркылеит аҭаацәарақәа ажәлақәа, урҭ ирацәаны изаҳҭаз рҟны агәаҭарақәа мҩаԥгахоит ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.
"Ԥшьышықәса ақыҭанхамҩа иазку апроект аус адаҳулоит. Ажәла роур анхацәа, уи цхыраара дууп дара рзы. Ҵыԥхтәи апроект амҽках дуун. 23 ҭаацәара аҭиразы иаадрыхит, дара 100 нызқь мааҭ ҭаацәацыԥхьаӡа идырҳаит", - ҳәа иазгәеиҭеит Аргәын.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.