Аԥсны

Аԥсны амилициа ацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа изышьҭаз Дәрыԥшь анхаҩы дааныркылеит

Дәрыԥшь анхаҩы Алиас Тәанба гәҩарас дрымоуп амҩатә ԥҟарақәа еилаганы ҩыџьа ауаа ҭаирхеит ҳәа ацәгьоуразы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Гәдоуҭа араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит 2019 шықәса раахыс изышьҭаз Дәрыԥшь ақыҭа анхаҩы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны Анхәа ақыҭан даанкылан амҩатә ԥҟарақәа еилаганы ҩыџьа ауаа ҭаирхеит ҳәа гәҩарас ирымаз 1993 шықәса рзы ииз Тәанба Алиас Валери-иԥа.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, Алиас Тәанба лаҵара 16 2019 шықәса рзы, автомашьына "Форд" дақәтәаны дызқәыз амҩа даныҵны автомашьына ВАЗ даҿаланы дасит. Амашьынақәа анеиҿас, уи арныҟәцаҩи апассаџьыри ҭахеит.
Рашәара 14 2019 шықәса рзы Тәанба иганахьала ашьаус хацыркын амҩатә ԥҟарақәеи атранспорт ахархәашьеи ахьеилагаз иахҟьаны ҩыџьа ма инареиҳаны ауааԥсыра ахьҭаирхаз азы.
Убри ашықәсан нанҳәа 5 рзы Алиас Тәанба иԥшаара рыларҳәеит, ари ашьаус азы ашьаусҭҵаарақәа ааныркылеит нанҳәа 14 рзы.
Уажәы заанаҵтәи ашьаусҭҵаарақәа хацдыркит гәҩарас ирымаз дахьааныркылаз азы, иара дырбаандаҩуп.