Мшаԥымза 30 рзы Аԥсуа радио иахыҵуеит 90 шықәса. 1932 шықәсазы аефир ахь иҭыҵыз амилаҭтә радио ҳажәлар ирҿахәҳәаган еиуеиԥшым аамҭақәа рзы.
Аԥсуа радио аԥҵара амшныҳәа жәлары зегьы ирныҳәоуп ҳәа ихациркит аиҿцәажәара Амқәаб.
"Аԥсуа радио анцәырҵ инаркны иахьа уажәраанӡа ажәлар рымаҵ ауеит. Иара еснагь еиԥҟьарак ҟамҵакәа 90 шықәса аефир ахь ицәырҵуеит, уи даара акраҵанакуеит. Ҭоурыхла Аԥсуа радио акәша-мыкәша аԥсуа интеллигенциа адҳәалан. Убра иреизарҭан, убра еизон. Жәала, ефирла Аԥсны аныхьчатәыз уа ирыхьчон", - ҳәа азгәеиҭеит Амқәаб.
Гурам Амқәаб игәалаиршәеит арадио аҿы аусура дшалагаз атәы, уи аамҭа иацу агәыбылра атәы иҳәеит. Иара убасгьы Амқәаб еиҭеиҳәеит 70-тәи ашықәсқәа раан иалагалаз ажанр ҿыц, арадиоспектакль иамаз азҿлымҳара атәы.
Иаҳа инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.