Ахԥатәи Адунеизегьтәи аибашьразы ашәарҭара ыҟоуп, адунеи аҿы ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа уадаҩуп, убри аан аӡбахә рҳәоит аиадертә еибашьрагьы. Ауаатәыҩса зегьы рцәа иҭазырӡыӡо абџьарахархәараз ашәарҭара шыҟоу азгәеиҭеит иқәгылараҿы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавровгьы, убри аан иара дазааҭгылеит Москва аофициалтә позициа. Урыстәыла аиадертә бџьар ахархәара ҟалашьа амам ҳәа агәаанагара аанарԥшуеит.
Адунеи аҟны иахьа имҩаԥысуа ахҭысқәа рхы абадырхо, ԥеиԥшс ирымоузеи аполитикатә ӡбамҭа дуқәа? Ирыԥсҭазаашьахои Аԥснеиԥш иҟоу атәыламаҷқәа аполитика ду аан? Абарҭқәа ртәы дазааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны лцәажәараан ААУ аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аиҳабы Емма Гамсаниаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.