Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 рашәарамзазы иҵысыр ҟалоит рҳәеит

Адунеи аҿы, Урыстәылеи Аԥсни абрахь иналаҵаны, акоронавирустә инфекциа алаҟәра ишаҿугьы, аекспертцәа алаҵа ҟаҵатәуп ҳәа азгәарҭоит уи ҩаԥхьа аҽышьҭыхра иаламгарц азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко рашәарамзазы акоронавирустә инфекциа аҽышьҭыхра иалагар ҟалоит ҳәа агәаҽанызаара ааирԥшуеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Уажәы акраҵанакуеит аиҭалаҵаҟаҵара, изҩанзар лаҵарамза анҵәамҭа, рашәарамза акоронавирустә ҿкы аҽышьҭыхра иалагоит ҳәа азԥхьагәаҳҭоит, аколлективтә иммунинет алаҟәра иаҿуп", - иҳәеит иара.
Мурашко иазгәеиҭеит ачымазара аҽанышьҭнахуа ҳәа аԥшра шаҭахым, алаҵа уи адагьы ишыҟаҵатәу, еиҳаракгьы ашьақар чмазареи аутоимуннтә чмазарақәеи змоу.
Аԥсны COVID-19 алаҟәра иаҿуп. Араионтә хәшәтәырҭақәа рҟны аковид ҟәшақәа адыркит. Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы макьана акоронавирус ахәшәтәразы аҟәша аартуп, аха уи аиҳарак абжьааԥнытәи арежим ала аусурахь ииасит. Мшаԥы 28 рызтәи аҭагылазаашьала, уа ишьҭоуп COVID-19 злоу хәҩык ачымазцәа.
Аԥсны
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа уаанӡатәи аусуратә режим иазыхынҳәуеит
Убри аан, Агәабзиарахьчара аминистрра ишаҳәо ала, Аԥсны алаҵаҟаҵара атемпқәа даара иԥсыҽуп, алаҵа ареспубликаҿы ишыҟоупгьы. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны 20 нызқьҩык раҟара алаҵа ҟарҵахьеит.