Аԥсны

Аԥснытәи аҽааӡаҩцәа рҽыҩқәа Краснодар аҽырыҩраҿы аиааирақәа ргеит

Аҽырыҩратә сезон аартраҿы аҵҟьарақәа жәба ыҟан, аҳамҭақәа рфонд 890 нызқь мааҭ артәеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Аԥснытәи аҽқәа аиааирақәа ргеит Краснодар 2022 шықәсазтәи аҽырыҩратә сезон аартраан, абри атәы аанацҳауеитАҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы.
2000 метра иҟаз аиԥхныҩлараҿы Ахра Ашәба иҽыҩқәа хԥа алахәын. Аҽыҩ Вронски аҩбатәи аҭыԥ агеит, Старк - ахԥатәи, Сириус - афбатәи.
Ахра Бебиа иитәу аҽы Генерал Первыи аԥшьбатәи аҭыԥ агеит 2000 метра иҟоу аиԥхныҩлараҿы ԥшьышықәсеи инеиҳани изхыҵуа ашьацқьа злоу англыз ҽқәа рыбжьара.
Аҽырыҩратә сезон аартын мшаԥы 30 рзы краснодартәи аҽырҩырҭаҿы. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵҟьарақәа жәба мҩаԥган, Аҽырҩыратә сезон аартреи Алагалатәи ҳамҭақәа рзы убрахь иналаҵаны, урҭ 200-200 нызқь мааҭ роуеит. Аҽааӡаҩцәа ирырҭоз аҳамҭақәа рфонд 890 нызқь мааҭ артәеит.
Арадио
Ашәба аҽыбӷаҟазаратә спорт азы 2021-тәи ашықәс: амилаҭқәа жәпакы ҳадныҳәало ҳхы ааҳарԥшит
Сынтәатәи аҽырыҩратә сезон Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 23 мшы ицалоит. Аҽааӡаразы аԥарақәа азоурыжьуеит атәылаҿацә абиуџьет аҟынтәи, сынтәа уи иақәхарџьхоит 47,5 миллион мааҭа.