Белгородтәи аобласт аҟны иҟаз арратә ргылара амца акит

Белгородтәи аобласт Украина аҳәаа иаԥнуп, егьырҭ арегионқәа рыҟны еиԥш араагьы атеррористтә шәарҭара "аҩеижь" ҩаӡара рылаҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 1– Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу Белгородтәи аобласт аҟны арратә ргылара иахьаҵанакуа амца акит. Абри атәы ааицҳауеит аобласт ахада Виачеслав Гладков.
Амашәыр иахҟьаны ааха иоуит аҭыԥантәи анхаҩы. Ахәра зоуз амедицианатә цхырара иҭан.
Агубернатор иара убасгьы иазгәеиҭеит, иҟалаз амашәыр иахҟьаны быжь-ҩнык ааха шаиуз, ааигәа инхоз ауаа иахьшәарҭамыз аҭыԥахь иахыган.
Лаҵара 10 рҟынӡа аобласт иахьаҵанакуа атеррористтә шәарҭара "аҩеижь" ҩаӡара рылаҳәоуп.