Арадио

Марыхәба ансамбль "Амцабз" азы: аԥсуа культура мыӡарцаз иахьынӡаҳалшо аус ааулоит

Москва еиҿкаау акәашаратә ансамбль "Амцабз" 10 шықәса ахыҵит. Ансамбль анапхгаҩы Лаша Марыхәба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ари аамҭа иалагӡаны изнысыз амҩа атәы, иамоу аихьӡарақәа.
Sputnik
"Раԥхьа ҳаналагоз 12-13-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ҳаман, уажәы 80-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Милаҭла еилаԥсоуп, ара аԥсуаа рнаҩсгьы иҟоуп ауаԥсаа, аерман, азербаиџьан. Дара зегьы иргәаԥхаратәы, егьырҭ амилаҭқәа ирыҵаркуа акәашарақәа ҳапрограммаҿы иҟоуп. Уи ҳаиднакылоит амилаҭ рацәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Марыхәба.
Лаша Марыхәба игәалаиршәеит 10 шықәса ирылагӡаны ирымаз еихьӡарақәа ртәы, зегьы реиҳа ирыликаауа атәы азгәеиҭеит.
"Афестивальқәа ыҟан, аиааирақәа ыҟан, аха Никита Михалков иқәыргыламҭаҿы ҳалахәхара - еихьӡара дуны иҳаԥхьаӡоит. Иаргьы иаартны изныкымкәа иҳәахьеит, "Большой театр" аҿы аԥсуа коллектив кәашо, апрограммаҿы ҳарбаны, лымкаала ҳалкааны, аҭоурых аҿы иҟамлацызт уи аҩыза", - ҳәа азгәеиҭеит Марыхәба.
Иара убасгьы "Амцабз" анапхгаҩы еиҭеиҳәеит агәыԥ анаԥҵаз инаркны иахьа уажәраанӡа иҿаԥхьа хықәкы хаданы иқәиргылоз аԥсуа культура аӡыргара шаку.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.