АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аԥсылманцәа Уараза-баирам ныҳәа рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
"Акыр иаԥсоу ҳџьынцьуаа, ишәыдысныҳәалоит акыр зҵазкуа иԥшьоу амза рамадан хзыркәшо Уараза-баирам ныҳәа. Ари аныҳәа аԥсылманцәа абиԥарала еимыздо агәыразреи аҳалалреи символра зуа иреиӷьу ауаҩытәҩсатә ҟазшьақәа рахь ухьазырҧшуа ныҳәоуп", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа рыхәҭаа ду шаларгало, атәыла адинқәа реимабзиара арӷәӷәараҟны.
"Агәра згоит, аԥхьаҟагьы шәара ҳауаажәлар реиҩызареи реилибакаареи арӷәӷәара шәшацхраало", - иҳәеит ахада.
Аслан Бжьаниа аԥсылманцәа зегьы ирзеиӷьеишьеит аҭынчра аинҭәылара.