Арадио

Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп: Хораа Ҭхьына инхашьа, инапы злаку

Ҭхьына ақыҭа инхо Демур Хораа арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Ақыҭа- нхарҭа ҭыԥуп" далахәын. Иара игәаанагарала ақыҭаҟны иахьа анхара ауадаҩрақәа ацзаргьы ауаҩы амла дакыртә дыҟам.
Sputnik
Анхаҩы Демур Хораа гектарк иназынаԥшуа аџьықәреи лаиҵоит, имоуп ашьамаҟа, аԥсаса, аӡахәаҭра, далахәуп ақыҭа аҿиара иазку аҳәынҭқарратә программа, амаахыр ааӡара далагеит, ақыҭаҟны адәқьан имоуп.
Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи, уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.