АҞӘА, лаҵара 2– Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵеит ари амчыбжь азы урыстәылатәи иколлега Владимир Путин иԥылара игәы ишҭоу. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Турция.
"Иҟалап, ари амчыбжь азын Путини сареи ҳаиԥылар", - ҳәа Ердоган ажурналистцәа иреиҳәеит Сҭампыл иҟоу Чамлыджа аџьамаа аҟны Ураза-баирам аныҳәа аназгәарҭа ашьҭахь.
Ҭырқәтәыла ахада игәаанагарала, Анкара ма Сҭампыл акәхоит реиқәшәара ахьыҟало, алада Украина аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара азҵаара аӡбараз.
Мшаԥы 28 азы, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа ҭелла Украинеи Донбаси агуманитартә ҭагылазаашьа иалацәажәеит, еиқәшаҳаҭхеит аԥхьаҟагьы реинырразы.
Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа рыҟны Ҭырқәтәыла изныкымкәан абжьаҟазара аанырԥшит. Урыстәылеи Украинеи реиԥыларақәа руак мҩаԥысит Сҭампыл хәажәкыра анҵәамҭаз, Ҭырқәтәыла ахада ихан Долмабаҳче аҿы. Усҟан Москва "Киев аганахь ала ҩ-шьаҿак ԥхьаҟа иҟанаҵеит" - аимак адеескалациа азгәаҭан, арратә гани аполитикатә гани рыла.