АҞӘА, лаҵара 2– Sputnik. Ереван ақалақь агәы аполициа раанкылара иалагеит аԥыза-министр Никола Пашиниан ԥхьатәара ицара дҵаны иқәзыргыло аоппозициа рыдгылаҩцәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Акциа алахәылацәа Шаумиан ихьӡ зху ашҭа хада адыркит, иара убас жәабаҟа мҩа рыҟны уаҩ дызмиасуа иадаркит. Азинхьчаҩцәа аҿагыларатә акциа алахәылацәа ԥхьарцеит, анаҩс аӡәырҩы иаанкыланы амашьынақәа ирҭыртәаны иргеит.
Аоппозициаа аҳәамҭа ҟарҵеит, ашәахьа шьыжьнаҵы мҽхакыҭбаалатәи акциа шымҩаԥырго, амҩақәеи амҩаду хадақәеи шадыркуа азы. Ереван ақалақь агәҭа амашьынақәы рныҟәара аанкылара ргәы иҭоуп.
Мшаԥы 25 аахыс Ермантәыла зехьынџьара, аерманцәа аҿагыларатә акциақәа мҩаԥыргоит. Дара ишырԥхьаӡо ала, амчраҿ иҟоу рполитика Ермантәылеи иазхаҵам Ашьхатә-Ҟарабах ареспубликеи ашәарҭара иҭанаргылоит.