Ереван аоппозициатә митинг алахәылацәа 200-ҩык рҟынӡа аанкылоуп

Лаҵара 2 азы Ереван шьыжьнаҵы аоппозициатә мчқәа еиҿыркааз аҿагыларатә акциа хацыркхеит, дара дҵаны иқәдыргылоит аԥыза-министр Пашиниан иԥхьатәара.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Ермантәылатәи аполициа Ереван аҿагыларатә акциа алахәылацәа 199 -ҩык ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Армениа амчратә усбарҭа апресс-маҵзура шьаҭас иганы.
Ишьақәырӷәӷәоуп, адыррақәа шаагоу ашәахьа асааҭ 12:00 аамҭазы аҭагылазаашьа атәы.
Аҿагылаҩцәа аанкылоуп 182-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны ( закәанла аполициаа рҳәатәы ацымныҟәара) Ермантәыла ареспублика административтә зинеилагара акодекс ала.
Лаҵара 2 азы Ереван шьыжьнаҵы аоппозициатә мчқәа еиҿыркааз аҿагыларатә акциа хацыркхеит, дара дҵаны иқәдыргылоит аиҳабыра ԥхьатәара рцара Ҟарабахтәи аполитиказы.
Ереван аҿагыларатә акциа иалахәыз раанкылара иалагеит
Мшаԥы 25 аахыс Ермантәыла зехьынџьара, аерманцәа аҿагыларатә акциақәа мҩаԥыргоит. Дара ишырԥхьаӡо ала, амчраҿ иҟоу рполитика Ермантәылеи иазхаҵам Ашьхатә-Ҟарабах ареспубликеи ашәарҭара иҭанаргылоит.