Уараза-баирам - ныҳәоуп, гәырӷьароуп, Ҳазшаз иҳадиҵаз адҵа наҳагӡеит ҳәа ҳхы иахьазаҳҳәо азы агәахәара ҳнаҭоит ҳәа азгәеиҭеит Џьугелиа аиҿцәажәараҿы.
"Ҳазшаз иҟынтә ҳамҭа дуны иҳамоуп аурычра. Иага ус бзиа изыҟаҵар, уи зқьынтә инеихаҳаны Ҳазшаз ҳаԥхьаҟа иуԥигалоит. Иумоу агәнаҳа иузанихуеит, аус бзиақәа рыла. Ачымазаҩ ахәшә анижәуа еиԥш, Ҳазшаз дхазҵо аурычра амз ихи иаирхәоит игәнаҳақәа ихыихырцаз", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны аԥсылманцәа рдоуҳатә усбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ.
Абдураҳман еиҭеиҳәеит ҷыдала иара изы аурычра шымҩасыз атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.