Одесса адиверсиа амҩаԥгараз гәҩарас ирымаз 12-ҩык аанкылоуп Украина

Аашықәа раԥхьа, лаҵара 2 2014 шықәсазы "маидан" иаҿагылоз активистцәа Одесса Азанааҭеидгылақәа аҩны ахыбра иҩнцалан иҩнарыжьит Молотов икоктеиль. Амца рҽацәырхьчарц аԥенџьарқәа рҟынтәи адәахьы иԥон, уа иахькаҳуаз "евромаиданаа" иршьуан. Ари арыцҳараҿ иҭахеит 48-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Украина аусеиларгаратә аҳәынҭбиуро аҳәамҭа ҟанҵеит, мшаԥы 2 азы Одесса адиверсиа амҩаԥгара аҽазыҟазҵараз гәҩарас ирымаз 12-ҩык ааныркылеит ҳәа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
ГБР аусзуҩцәа иааныркылеит 12-ҩык Одессатәи аобласт аҟны адиверсиа амҩаԥгара гәҭакыс измаз. Иара убасгьы аоперативтә информациала иаанкылоу аус руан Одесса иаланхо ауааԥсыра реичырчарала уаҟа аилаҩынҭра аԥцара", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа Telegram-канал аҟны иакьыԥхьыз аҳәамҭаҿ.
Аҳәынҭбиуро адыррала, адиверсиеи аҿагыларатә акциеи амҩаԥгара ргәы иҭан Одессатәи ахҭысқәа аашықәса анахыҵуаз амш аҽны, лаҵара 2 азы. Иаанкылоу ирыдырбалеит абџьаршьҭаҵарҭеи аџьаԥҳани.
Аашықәса раԥхьа Одесса иҟалаз ахҭысқәа рзы макьана аус еилыргаӡам, аӡбаратә ус иргәагәо иааргоит. Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа изныкымкәан Киев аҿаԥхьа идҵаны иқәдыргылахьеит, ахара зду изыхәҭоу аус иақәдыршәарц.