Аԥсны

Аҟәа Одесса иҭахаз ргәаладыршәеит

Лаҵара 2 2014 шықәсазы Одесса Азанаҭеидгылақәа Рхан аҿы иҭахеит 48-ҩык. Ахыбра амца адыркит арадикалцәа, "амаидан иаҿагылоз" активистцәеи дареи реиҿагылараан.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. 2014 шықәса лаҵара 2 азы Одессатәи ахҭысқәа ргәаларшәараз Аҟәа имҩаԥысит акциа "Аҟәа-Одесса". Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку, ажурналист Дмитри Статеинов.
Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ауааԥсыра 48 қьаадлых-шхәа амшын ихырҵеит. Аиҿкааҩцәа рыҳасаб ала иқәгылеит акультуратә фонд "Аплатформеи" ауаажәларратә еиҿкаара "Урыстәылатәи атәылауаа рзинхьчара ацентри". Акциа иалахәын Аҟәа ауааԥсыра, аҳҭнықалақь ашколқәа рҵаҩцәа, атуристцәа.

"Одесса амшын иаԥну қалақьуп, Амшын еиқәа Аҟәеи Одессеи еиднаҳәалоит. Иӡбан акциа "Аҟәа-Одесса" ҳәа имҩаԥгазарц. Аҟәаа ибзианы иргәалашәоит Одессатәи арыцҳара. Аашықәса цеит аха ахара зхароу рықәнага иақәыршәам. Уа иҭахаз иақәшаҳаҭмызт Украина имҩаԥысуаз, ирҭахын аурыс бызшәа хьчазарц, анацист идеологиа иаҿагылон. Рыхгьы ақәырҵеит. Асеиԥш иҟоу ахҭысқәа рхашҭра иашам. Избанзар уи ашьҭахь ауп Донбасс рхы аныҵырхыз", - ҳәа иҳәеит Статеинов.

Аҟәа Одесса иҭахаз ргәаладыршәеит
Украина амчра анеиҭарк ашьҭахь, лаҵара 2, 2014 шықәсазы Одесса, Абырзен шҭаҿы "амаидан иаҿагылоз" активистцәеи аиҿкаара "Ультрас" (Харков, Одесса) алахәылацәеи "евромаидан" алахәылацәеи еиҿагылеит. Амилаҭеилыхыҩцәа Азанааҭеидгылақәа Рхан амца адыркит ауаа шыҩназ.
Иҭахеит 48-ҩык, аахақәа роуит 250-ҩык.