Аԥсны

Аҳазалхратә еилакы мшаԥымзатәи ауснагӡа шынанагӡаз азы аҳасабырба ҟанаҵеит

Мшаԥымзазтәи аԥарашәара ииасыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 37,3 миллион мааҭ рыла еизҳаит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. 2022 шықәса мшаԥымзазы аҳазалхратә шәарақәа 134% инагӡоуп ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы.

Иазԥхьагәаҭаз 192,6 миллион мааҭ аҟынтәи 258,1 миллион мааҭ алагалан. Аплан 34% иацҵаны инагӡан.

Ииасыз ашықәс абри аамҭазы 220,8 миллион мааҭ алагалан, сынтәа аҽа 37,3 миллион мааҭ ацҵаны еизган.
Аилак иакьыԥхьит 2022 шықәса аԥхьатәи аԥшьымз рзы адыррақәа. Ауснагӡаҿ
622,9 миллион мааҭ азԥхьагәаҭан, ареспублика абиуџьет иаланагалеит 829,2 миллион мааҭ – иазԥхьагәаҭаз аасҭа 33% еиҳаны.
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә усбарҭақәа акурорттә аамҭа рыҽшазыҟарҵо иалацәажәеит