Аԥсны

Аеколог Аԥсны аԥшаҳәаҿы амшынҳәақәа рыԥсра амзыз далацәажәеит

Асоциалтә ҳақәа рҿы ирацәахеит аԥснытәи амшын аԥшаҳәаҿы иҭахаз амшынҳәақәа рсахьақәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Аԥсны амшын ԥшаҳәаҿы амшынҳәақәа рҭахара ҽшьроуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит атәыла аеколог хада Савели Ҷыҭанаа.

Иара иажәақәа рыла, ааԥын Аԥсны иахьаҵанакуа лассы-лассы амшынҳәақәа ԥсны иуԥылоит. Дара адәы рҽықәрыжьуеит, аха уа аҟазаара ахьрылымшо азы иҭахоит.

Аҵарауаа макьаназ ирзеилымкаацт арҭ аԥстәқәа ас рхы зымҩаԥырго.
"Асеиԥш ахҭысқәа аҭыԥ рымоуп. Ҵыԥх, ҵыԥхцәа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы Алашарбага араион ахь ахаҵәирҭаҿы изныкымкәа амшынҳәақәа ԥсны ирбахьан. Аҵарауаа ари зыхҟьо рыздырам. Ҳара аӡы ҭаҳҵаауеит. Уи еиҭакрак адаабалом, шәарҭаракгьы аҵам", - иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.
Иара иажәақәа рыла, ари аԥсабаратәла алкаара акәзар ҟалоит. Амшынӡ ԥырхага ҟанаҵом, избанзар усҟан егьырҭ амшынԥстәқәагьы ԥсуан. Аеколог ари ауаҩытәыҩсатә факторгьы иадикылом.
Амшын Еиқәаҿ амшынҳәақәа рышьра аҭыԥ амоуп
"Акаҭақәа ирхароуп уҳәар, аԥстәқәа рцәеижь шәышәырак аныԥшуам. Аӡын иҟалоит аԥсыӡкыгаӷбақәа ирыҵашәар, аха аҟәара зҽықәзыжьуа амшынҳәақәа акгьы рнубаалом", - иҳәеит иара.
Аԥснытәи аԥшаҳәа иахьаҵанакуа иуԥылоит абарҭ амшынҳәахкқәа: "афалина", "белобочка", "пыхтун".