Аԥсны

Аԥснытәи абоксиорцәа Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы аԥыжәаратә ҭыԥқәа ргеит

Абокс азы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рҿы Аԥсны ахьӡала бзыԥтәи аспортсменцәа ԥшьҩык ықәгылеит. Аицлабрақәа мҩаԥысит Спас-Клепики ақалақь аҟны, мшаԥы 27 - 30 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3- Sputnik. Аԥснытәи абоксиорцәа аибашьҩы-интернацианолистцәеи аибашьра ҳәааркқәа рветеранцәеи ргәалашәара иазкыз Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы аԥыжәаратә ҭыԥқәа ргеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы.

Актәи аҭыԥқәа ргеит Марат Канџьариа, Леон Инаԥшьба, Амир Бармашьаа, араӡны медал - Дамир Хьециа.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан Спас-Клепики ақалақь аҟны, мшаԥы 27 - 30 рзы. Аицлабра иалахәын Урыстәыла арегионқәа 13 , Луганск, Аԥсны рҟынтәи 150-ҩык абоксиорцәа.